Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Аxьxәра Анцәа иахь аxынxәpа

    Ауаҩы Анцәа иахь изыҟазаашьа иашахаратә еиԥш ҟаҵашьас иамоузеи? Агәнаҳаҟаҵаҩ излаилшарызеи иашаныҟәгаҩыс аҟаларазы? Қьырса заҵәык илоуп Ҳара Анцәҽи, Иара иԥшьареи реилкаарахь ҳнагара зылшо, аха иара Қьырса иҟнынӡа неишьас иаҳҭарызеи ҳара? Аӡәырҩы, Апиатидесиатникра амш аҽны, изҵаз агәнаҳа иаиааины, ргәы иҵхоз азҵаара рхы иарҭоит: «Иҟаҳҵарызеи ҳара?”, Петр иҟаиҵаз аҭак аԥхьа игылаз ажәан «шәыгхазхашәҵа» (Аҟаҵ. (Деян) 2:37). Уи ашьҭахь, рацәак мҵыкәа, иара иҳәоит: «Шәыгхазхашәҵа, шәара шәыгәнаҳарақәа хьазыршшаша акыр ашьклаԥшра ашәҭа”. (Аҟаҵ. 3:19).Kиa 22.1

    Агхазхаҵара иаҳәо агәнаҳа иҟаҵаз азы агәыхь азҵасреи, уи нахыс уи ацәхьаҵреи ртәы ауп. Ҳара агәнаҳа ҳзаҵҵӡом, иара ҳҭазырхо шакәу иҳалымшар аилкаара; ҳара ҳагәқәа иара иааҳәны иаҿамгылакәа ҳаԥсҭазаараҿы аԥсахра иашақәа изалшаӡом рыҟалара.Kиa 22.2

    Аӡәырҩы ахаразхаҵара аԥсабара иашаны ирзеилкааӡом. Ауаа иҟарҵаз агәнаҳa иахьхәуеит, уи акәым рхымҩоаԥгашьагьы рыԥсахуеит, избан акәзар рхымҩаԥгашьа аиашамразы ишәоит агәырҩоа ирықәшәар ҳәа ахгара. Аха ари абиблиатә ҵакы змоу гхазхаҵараӡам. Урҭ агәнаҳа иашьҭанеиуа ауп ирҵәыуо, иҟарҵаз агәнаҳа ахаҭа акәымкәа. Убас иҟан Исава илахьеиқәра, аԥхьаира азин наунагӡа ишицәыӡыз анеиликаа ашьҭахь. Валаам иакәзаргьы, имҩа, зҿы аарту аҟама кны иангылаз амаалықь дицәшәаны, игха азхеиҵеит, иԥсҭазаара ицәыӡыр ҳәа дшәаны, аха иҟаиҵаз агха изыҟасҵазеи ҳәа наунагӡа дахьхәратәы еиԥш игәаҿы иҟанамҵаӡеит анырра, иара убас ацәгьа абара иацу агәыҿкаарагьы, (ацәгьа баны даақәымгыларатәы еиԥш) ацәгьа баны даанымхаратәы еиԥшгьы. Уи игәҭакқәа иҟамлаӡеит рыԥсахра (имыԥсахӡеит). Иуда Искариот Иқәиҭыз даниҭии ашьҭахь, ҿааиҭит: «Иҟасҵеит сара агәнаҳа, Ашьа иҟьашьымыз аԥсахрала». (Мф. 27:4).Kиa 23.1

    Иаџьал ааигәахара уамашәа ицәа ианырызи, ес-сааира ааигәахара иаҿыз ақәыӡбара аҿаԥхьа аҟазаара изцәырнагаз ашәареи роуп уи аҩыза аҳәара илзыршаз. Иара дзыршәоз иҟаиҵаз агәнаҳа иашьҭанеиуаз ауп, игәы аҵанӡа уи Анцәа Иԥа Цқьа аԥсахра изиуз дахьхәны дыҟаӡамызт, ҩнуҵаҟала дашьӡомызт. «Израиль аԥшьа ахааназгьы ицәирӡит”. Египет афараон, Анцәа иқәыӡбарақәа анихьӡа ,иҟаиҵахьаз агәнаҳа азхеиҵон ԥхьаҟа изыԥшыз ақәыӡбарақәа рыцәцаразы, ашьалыжжарақәа хҽуа ишналагалакь, Анцәа иахь имҽыӷpақәа ирыцҵо иҿынеихон. Абарҭ, ауааԥсыра зегьы ирџьабоз, изҵаз агәнаҳақәа ирышьҭанеиуаз акәын, иара агәнаҳа ахаҭа акәымкәа.Kиa 23.2

    Анцәа идоуҳа агәаҭаҿы ианыкалалакь, агәнаҳаҟаҵаҩ иламыс ҿыхоит, иаргьы дазааиуа далагоит ажәҩани адгьыли рыҟны Анцәара аарԥшра шьагәыҭс иамоу Анцәа Иԥҟара аҵаулареи, аԥшьареи реилкаара. «Адунеи иааныло дарбанызаалакь ауаҩы» дзырлашо алашара агәқәа рыҵан иҟоу аҵәахырҭақәа зегьы рҿы инаӡаны иагәылыҷҷаауеит, анаӡараҿы ицәыҵаҵәаху цәырнагоит. (Ин. 1:9). Агәнаҳаҟаҵаҩы хшыҩпагьы, гәылагьы ихарa еиликаауа далагоит. Иара Иегова ииаша далагоит азхаҵара, избан акәзар ауаҩы имаӡақәа зегьы здыруа Иара иҿаԥхьа иҟьашьрақәеи, игмыграқәеи зегьы рыла даартны дышгылаз аниба, ашәаӡыӡара далагеит. Иара ибоит Анцәа ибзиабара, аԥшьара аԥшӡара, ацқьара агәырӷьара. Иара aҽрыцқьара, аҽыԥсахра дазгәышьуеит, Ажәҩан даҿцәажәаларц азы уахь дныҩналан.Kиa 23.3

    Давид аҵанӡа данлеи ашьҭахь иҟаиҵаз Анцәа иашьапкра, игәнаҳaқәа иҟаиҵахьаз рзы алахьеиқәра имаз шиашацәҟьаз азы ҿырԥшра зуо акоуп. Иҵаулан, гәык-ԥсыкала иныԥшуан иара иахьхәра. Иара дашьҭан ихара арҽеира, иааины иааихагылаз ашьауӷәа ацәцаракәӡамызт иматанеирагьы зызкыз. Давид еиликаауан Иҟаиҵаз ацәгьаура амамыршәагара, игәаҭа абжьысра, иҟаҵаз агәнаҳaхь игәыхынҳәра иҟанаҵон ицәа ианыруа. Иара дныҳәон аҭамҵара мацаразы акәымкәа, игәаҭа арыцқьаразгьы. Уи аԥсҭазаара ԥшьа агәырӷьара иацу анырра дазгәышьуан, дазгәышьуан Анцәа иҿцәажәареи, изнеиреи реиҭашьақәыргылара.Kиa 24.1

    Ижәба, агәаҵанӡа иаауа иарбан ажәақәоу рыла уи ихигаз атәы дшақәшәо аҳәара:Kиa 24.2

    «Лыԥха имоуп, изанажьу азакәандара, зыгәнаҳақәа зегьы зыхҩара ҟалаз! Лыԥха имоуп, Анцәа гәнаҳа здимбалаз ауаҩы, згәаҿы ҵәахы ыҟамгьы. (Аԥс. 31:1, 2).Kиa 24.3

    Срыцҳашьа сара, Анцәа, Уара угәшаҭара дуӡӡала Уара угәшаҭара дуӡӡала Сара сзакәандарақәа иҟаҵа ихьыршшаа... Сзакәандарақәа сара исылшеит разхаҵара, Иҟасҵаз агәнаҳaгьы cҿаԥхьа иҟоуп ес-шара. Исықәырԥҟҟа сара иссопом, сыцқьаӡа сҟалап, сӡаах аӡы, асацкьыс сышкәакәаӡа сҟалап... Агәыцқьара сыҩнуҵаҟа иазша, О, Анцәа, Адоуҳа иаша иазырҿыц сыҩнуҵаҟа сара. Убла наҟ саԥырумган сара, Удоуҳа Аԥсы Цқьа сымхны наҟ иҟоумҵан агара... Уара иҟауҵо аиқәырхара иацу исзырхынҳә агәырӷьара Амаакыраду Адоуҳала Сара сҭыԥ сықәырӷәӷәa... Ашьоурaҿынтә схы сақәиҭтәы, Анцәа, Сара сеиқәырхара Анцәахәы, ашьакаҭәара сацәнырха, Нас Уара уиаша еснагь иқәкызаап са сқьышә)». (Аԥс. 50:3-16).Kиa 24.4

    Ари аҩыза ахаразхаҵара ахатәы мчы амацара изалшаӡом, ахақәцәанӡа аҩеира зылшоны ауаа аҳамҭақәа рызҭаз «Қьырса заҵәык иҿы ауп уи амчра ахьалшо аиура”.Kиa 25.1

    Абри азҵаарaҿы ауп аӡәырҩы иахьрыхьуа аҟьалара, убри азы ауп Қьырса урҭ ириҭарц ииҭаху ацхыраара дара изырмоуа. Дара Қьырса иахь анеира азин рымаӡам рхара азхаҵарада ҳәа, ахаразхаҵара рыгәнаҳа рхызхша амҩа армазеиуеит ҳәа ргәы иаанагоит. Ииашаҵәҟьангьы, ахаразхаҵара агәнаҳа ахыхра иаԥхьанеиуеит. Ус иара иагьиашоуп, избан акәзар зхара азхазҵаз, еилаԥыххаа иҟоу агәы ауп Аҿыхҩы ида ԥсыхәа шимам узырдыруа. Агәнаҳаҟаҵаҩ иуалума игхазхаҵара ҟалаанӡа ааԥшра, Иаса иахь амҩа дықәларц азы? Иҟалар аума ахаразхаҵара Аиқәырхаҩи агәнаҳа ҟазҵази еиҟәызшо ԥықәсылараны?Kиa 25.2

    Абиблиа иаҳәаӡом, агәнаҳа ҟазҵаз, Қьырса иааԥхьара идикылар иҟалаӡом ҳәа ихаразхаҵара ҟалаанӡа: «Шәааила, Сара сышҟа, аџьа азхьааҩцәеи, аџьамыӷәа иаҵоуи зегьы, Сара исылшоит шәара шәгәы арҭынчра». (Мф. 11:28). Ахаразхаҵара иашаҵәҟьа ашҟа уназго амчра Қьырса иҿынтә иаауеит. Петр Израилаа рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҿы уи ус шакәу рзеиҭеиҳәеит абри ҳәаны: «Иара Анцәа ибла ҷыцла Аиҳаби Аиқәырхаҩи рҿынӡа дхеигалеит, Израилаа ахаразхаҵареи, рыгәнаҳақәа ранажьреи рзы алшара рыҭаразы”. (Аҟаҵарақәа 5:31). Ҳаргьы, иара убас, аламыс зырҿыхо Қьырса Идоуҳада (Иԥсада) ҳхаразхаҵара ҳалшаӡом, Қьырса ида ҳхара ҳанажьра залымшо еиԥш. Қьырса иарбанзаалакь агәырӷьа Ахыҵхырҭа иоуп. Иара аӡәзаҵәык иоуп ҳара агәнаҳа ацәымӷхара ҳалааӡара зылшо. Аҵабырги, ацқьареи рышҟа иарбанзаалакь иҟало аихарақәа зегьы, ахатәы гәнаҳақәа разхаҵарақәа реиԥш ҳара ҳагәқәа рахь иара Иԥсы (Идоуҳа) иҟанаҵо анырра зыршаҳаҭо ракәны иҟоуп.Kиa 25.3

    Иаса иҳәеит: «Сара адгьыл ахьтә санхалалакь, зегьы Са сышҟа шәаасыԥхьоит, Схы шәаадысԥхьалоит”. (Ин. 12:32). Қьырса агәнаҳа змоу рзы, адунеи агәнаҳақәа рзы, иԥсыз Еиқәырхаҩык (Ҿыхҩык) иаҳасабала даартызар ауп; Голгофатәи аџьар аҿы икыдҵаз Анцәа иԥсақәҵа блала еимдо, ҳара еиӷьны еилаҳкаауа ҳалагоит аҿыхра амаӡа, Анцәа илԥха ҳнанагоит ҳара ҳхаразхаҵарахьгьы. Қьырса, агәнаҳа иаҵаз реиқәырхара иазкыз иԥсрала, иааирԥшит, зҿынӡа наӡара залмыршахо, абзиабара. Ари абзиабара, агәнаҳа иаҵоу издызкылаз, иара игәы арԥшқоит, ихшыҩ агәыҵанаҳәҳәоит, игәаҿы ихаразхаҵаразы агәазыҳәара арҿыхоит.Kиa 26.1

    Аиашазы, зны-зынла ауаа иацәыцхашьо иалагоит гәнаҳала иҭәу рыԥсҭазаара, Қьырса иахь рҿы хаанӡатәи рышьцылара бааԥсқәакгьы иалагоит рааныжьра. Аиӷьхаразы иҟарҵо аҽԥышәарақәа гәыкԥсыкала аиаша ҟарҵарц азы ирымоу агәаҳәара адԥхьалара ҟазҵо Қьырса имчра ауп изыбзоуроу. Иаартны иузгәамҭо уи анырра агәы аҵанӡа инеины аламыс арҿыхоит, аԥсҭазараҿгьы иубартә еиԥш иҟоу аеыриашарақәа ҟало иалагоит. Қьырса урҭ рахь ааԥхьара ҟаиҵоит Иара дахькыдҵаз аџьар абарахьы, дара рыблала дырбарц Иара, дара рыгәнаҳақәа рзы икыдҵаны ишьыз. Усҟан дара ирзаатуеит Иара иԥҟарақәа, уаанӡатәи рыԥсҭазаара амцқьарақәа, дара ирбоит ргәаҿы шаҟа аԥашә ҵауланы иланашьҭыз агәнаҳа. Дара алагоит хәҭакахьала Қьырса ииҳәоз аиашара аилкаара, иагьҿаарҭуеит: «Изакәузеи иара агәнаҳа захьӡу, иара иарбаандаҩыз зегьы рҿыхразы ахшәаа дуӡӡа зҭаху? Шаҟа бзиабара, гәырҩара, хыларҟәра аҭаххазеи ҳара зынӡа ҳҭамхарц азы, аԥсҭазаара наӡа ҳаурц азы! Анцәа абасҵәҟьа бзиа ҳаибома?”Kиa 26.2

    Агәнаҳа иаҵоу Қьырса иахь дадзыԥхьало ари абзиабареи, амчи илшоит аҿагылара, аха aҿагылара ҟаимҵар, уи хымԥада Иаса иахь днанагоит; ахҿыхшьа (аиқәхашьа) аплан еилкааны, иҟаиҵахьаз агәнаҳарақәеи, Анцәа бзиа иибо Иԥа агәырҩа рацәа изҭоз агәнаҳарақәеи азхаҵо уи днеиуеит Аџьар ашьапахьы.Kиa 27.1

    Адунеии аԥсабареи рыҟны абас ҟәышрыла зегьы еиҿызкааз иара Анцәа ихылҵшьҭратә Хшыҩ ауаа рахь иаахьаԥшны, рыгәқәа рҿы еиҭаҳәашьа змам aҿажәкра иаго иҟарҵоит. Уи аҿажәкра азхара ҟазҵо адунеи аҿы иҟаӡам даҽа мчык. Анцәа Идоуҳа ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчреи араҳаҭреи рхыҵхырҭа Қьырса илԥхаҿы иашьҭаларц аԥшаара. Иаҳбарҭоуи иаҳбарҭами аныррақәа рыла Ҳаиқәырхаҩы иааиԥмырҟьаӡакәа агәырҭәра злымшо агәнаҳаҟаҵаратә ҟьашьра ауаа равгареи, иара убас рылаԥш, егьырҭ Иара иҟынтә заиура ҟало, зыԥхьаӡара алымшо амазарақәа рахь архареи, иҽазишәоит. Ари адунеи иԥеу аӡжәыгақәа рыла зызхара аӡы зжәырц агәаҟра иаҿу рахь Ихоуп Анцәа иаацҳа: «Иҿажәкуа дааиааит, аԥсҭазаара аӡы хәыда-ԥсада изҭаху ус игааит”. (Аартра. 22:17).Kиa 27.2

    Шәара гәык-ԥсыкала аиӷьхара ахь шәхы хазар, уи ари адунеи иалымшозар шәыҭара, уи шәхы уахь изырхаз, шәара Анцәа ишәықәиргаз ибжьы шакәу агәра жәга. Иара шәиҳәа шәхаразхаҵара идикыларц, дышәзааиртырц Қьырса, иара ҳәаа змаӡам ибзиабарала, Иара инагӡаӡоу ицқьарала. Анцәеи ауаҩи рахь абзиабара - Анцәа Изакәан апринципқәа роуп - Ҳаиқәырхаҩы (Ҳҿыхҩы) иԥсҭазаараҿы урҭ инҭырҳәцааны рхаҿра иаиуит аарԥшра.Kиa 27.3

    Абзиабара цқьа, аус ҳалалқәа - абарҭ рылоуп иара иԥсҭазаара злаҭәу. Ҳара иара данеиԥхьаҳшьшьаауа блала, Ҳаиқәырхаҩы ихылҵуа алашара ҳанарлашо, ҳара убасҟан заҵәык ауп иаҳбарц анҳалшо ҳхатәы гәнаҳақәеи, ҳхатәы ԥхасҭарақәеи.Kиa 28.1

    Иҟалап, Никодим еиԥш, ҳаргьы ииашаны ҳанхоит, ауаҩышәара зцым акгьы ҟаҳҵаӡом, егьырҭ агәнаҳа иаҵоу зегьы реиԥш ҳаргьы Анцәа иаԥхьа ҳгәы аҭасра аҭахым ҳәа ҳхы ҳжьозар. Қьырса ихылҵуа алашара ҳагәылаԥшыр ауп ҳара иаабарц анҳалшо ҳагәқәа шаҟа иԥхасҭоу, убасҟан ауп ианеилаҳкаауа ҳара иҟаҳҵо зегьы, Анцәа кҿагыло азыҟазаашьа аԥызҵо, ахатә қьар алгара азхәыцрала ишыҟьашьу. Ҳара ҳалагоит аилкаара иҳамоу адинхаҵара амаҭәа ҟьашь ишеиԥшу, насгьы Қьырса Ишьа заҵәак шакәу ҳара агәнаҳа иаҵоу агәырхынҳәагаҟаҵара ҳацәыхьчареи, насгьы ҳара ҳагәҭақәа Иара игәы еиԥшхарц азы рыҽрыцқьара алыршара зылшо. Ҳара ҳгәаҿынӡа анаӡара зылшаз Анцәа ихьӡырӡы ашәахәа заҵәыки, Қьырса ицқьара аҟәырҷахаки азхозаап ҳҟазшьа иамоу ашәытара ҳамырҭынчратәы иҟаҵаны, ҳаԥхасҭарақәеи, ҳагхақәеи ибаратәы раартра. Агәнаҳа иаҵоу иаартны ибо дҟалоит иҭахрақәа рыҟьашьреи, игәы ацқьамреи, ииҳәо аиашамреи. Иара ибоит ихымҩaԥгашьа Анцәа иԥҟарақәа ишаҿагылоз, иара игәы ианырыз Анцәа Идоуҳа ахьаа еиҵанарӷәӷәо иалагоит. Қьырса иҟазшьа ацқьара, аԥхасҭамра гәаҭо, иара изцәырҵо иалагоит ахы ахәымгашьара.Kиa 28.2

    Ацҳаражәҳәаҩ Даниил ишҟа иаашьҭыз Анцәа ицҳаражәҳәаҩ иоуз ахьӡ-аԥша аниба, изаатыз ихатәы ԥсыҽрақәеи, ишарамшарақәеи деиҵаӷәӷәа дҟарҵеит. Аблахкыга џьашьахәы изнарҵасыз ацәанырра атәы азгәаҭо иара иҳәоит: «Сара сыбӷa ҟәит, сыԥшрагьы акыр еицакит, исымаз алах-ҿыхрагьы ыӡит”. (Дан. 10:8). Ари аҩыза зцәа ианырыз ауаҩы, дзахәамԥшуа далагоит имаз ахамхабзиара, ахы абзиабара, Қьырса ииашара азхаҵаны, иҽазишәо далагоит Анцәа иԥҟареи, Қьырса иҟазшьеи ирышьашәалахаша аҩнуҵаҟатә цқьара аҿынӡа анаӡара.Kиa 29.1

    Ацҳaражәҳәаҩ Павел ихазы иҳәоит азакәан иаҭаху аԥҟарақәа иазыҟазаашьа шыҟоу ала (урҭ аҭахрақәа ҳәаақәызҵоз бла иабоз аусқәа ракәын) сара «сыԥхасҭаӡам» ҳәа. (Флп. 3:6); аха азакәан адоуҳатә хылҵшьҭра анеиликаа, ибеит иара ихатәы гәнаҳақәагьы. Адәахьтәи аган мацара иугозар, аԥҟара инақәыршәаны, иара иеацәихьчон агәнаҳаҟаҵара; аха иара иԥшьоу аҳәахьақәа дыргәылаланы иҿанынеиха, Анцәа дшибо еиԥш ихы ибо далагеит, усҟан иара уи иҽанираалар, ихарагьы азхеиҵар акәхеит. Ацҳаражәҳәаҩ иҳәоит: «Сара ҭынч сынхон ԥҟарада, аха аҳәахьа сгәы әҿынӡа ианнеи, агәнаҳа аԥсы ҭалеит, саргьы уа сыԥсит». (Рим. 7:9,10). Иара Анцәа Иԥҟара адоуҳа иаҵаз анеиликаа, иҟаиҵахьаз агәнаҳарақәа зегьы ишгәырхынҳәага иашаҵәҟьаз еицш иаԥхьа иҿaҿаӡа иаагылеит, имаз агәыҩбарақәа зегьы рышьаҭагьы ыҟамкәа инкаба ицеит.Kиa 29.2

    Анцәа агәнаҳақәа зегьы еиҟароуп рыхьанҭарақәа ҳәа иԥхьаӡаӡом; иаргьы, ауаа реиԥш, ахарақәа еиԥшымкәа рыхәқәа ишьоит; аха Анцәа иблақәа рыла гәнаҳа маҷ ыҟаӡам. Ауаҩы иҟаиҵо ақәыӡбарақәа иҳалалӡам, ирыгуп аиашара, Анцәа зегьы иашала, ишыҟаҵәҟьоу дрыхцәажәоит. Аҩоыжәҩы изынаихәаԥшӡом; угәнаҳақәа Џьанаҭ ахь умҩа адыркуеит ҳәа иарҳәоит. Иара убри аамҭазы ахамаԥагьара, ахамхабзиара, аԥсыцәгьара лассылассы қәыӡбарада иаанхоит, Анцәа урҭ агәнаҳақәа еиҳагьы аиакәымра иатәуп ҳәа шиԥхьаӡогьы, избан акәзар урҭ Иара иҳалалреи, ауаҩы иахь имоу абзиабареи, насгьы каҳара зқәым Адунеи зегьы иахьӡо, иара аҭак иашьҭам, ибзиабареи хаҭала ирҿагыло роуп.Kиa 29.3

    Агәнаҳа хьанҭа ҟазҵаз ауаҩы илшоит нас далагар ацәыԥхашьара, игмыгра ибар, Қьырса илԥха амазаара дазгәышьыр, аха ахамаԥагьа акгьы дазхьааӡом, убри азоуп иара игәы Қьырса изы, Иара хыԥхьаӡара змам иқәныҳәарақәеи рзы, иаркны изыҟоу.Kиa 30.1

    Дрыцҳахәцәгьоуп еиқәҵәашо, зегьы раасҭа иразҟыданы зхы бо, абас иматанеиз: «Анцәа, усзылԥха сара, агәнаҳа иаҵоу”. (Лк. 18:13). Иара убасҵәҟьа изыҟан иара икәша-мыкәша иҟазгьы. Аха иара дзызхьаауаз ихьаауан. Ихарареи, аԥхашьареи рыхьанҭара иҟәаҟәа иқәыжьны ауп уи иара Анцәа иҿаԥхьа дааины дшаагылаз, Иара Илԥха даҳәо. Иара игәы аартны иҟан агәнаҳа амчра аҟнытә ахақәиҭтәра зылшо Анцәа идоуҳа алԥха лаша анырразы. Ахатәы иаша арҽхәарала иҭәыз Фарисеи иматанеира шаҳаҭра ауан Аԥсы Цқьа анырратәы ишыҟамыз иаркны иҟаз иара игәы. Уи Анцәа акыр дицәыхаран, убри аҟнытә изеилкааӡомызт иԥхасҭарақәа зегьы Анцәа иԥшьареи дареи еицырзеиԥшу ҳәа акгьы шыҟамыз. Иара акгьы дазгәышьуа дыҟаӡамызт, убри аҟнытә акгьы имоуӡеит.Kиa 30.2

    Шәара агәнаҳа иҟашәҵаз азхашәҵазар, аиӷьхара ҳанбалаго ҳәа шәыԥшны шәымтәан. Аӡәырҩы, имаҷымкәа, Қьырса имҩа ақәларазы абзиара излаҟоу азхаӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит. Шәара ахыриашаразы иазхоит ҳәа ишәыԥхьаӡома шәхатәы лшарақәа? Аха «аефиоп илшома ицәаԥшшәы аԥсахра, мамзаргьы абарс ацәа ашәытарақәа. Убас, иара шәаргьы, ацәгьа ҟаҵара иашьцылахьоу, ишәылшома абзиа аҟаҵара?». (Иер. 13:23). Ҳара ҳaцхыраара зылшо - Анцәа аӡәзаҵәык иоуп. Ҳара еиҳа агәра ҳзыргашақәа ҟалаанӡа, ҳуаҩышьа еиҳа иԥшьахаанӡа, еиҳа еиӷьу аҭагылазаашьа ҳзыҟалаанӡа ҳәа ҳаԥшыр ҟалаӡом. Ҳара ҳхала акгьы ҳалшаӡом. Ҳара Қьырса ишҟа ҳнеироуп ҳхаҭарақәа шыҟоу еиԥш.Kиa 30.3

    Аха аӡәгьы ихы баша имжьааит, Анцәа Иара ибзиабара дуӡӡеи, иҳалалреи рыла ихьчоит ҳәа Иара илԥха иагәҭасуа ауаагьы. Аҵанӡа илеиз, игәырхынҳәагоу агәнаҳа аилкаара ахьалшо Голгофатәи акнаҳарҭатә џьар иахылҵыз алашара агәаҭаҿоуп. Анцәа иҳалалра инарҟаҵаӡом агәнаҳа ҟазҵаз игәҭасра ҳәа аӡәыр ашьақәырӷәӷәара даҿызар, Голгофаҟа днаԥшлааит. Қьырса агәнаҳа иаҵаз ауаа рхара ихахьы игеит, дызҭааны, убри аҩыза агәаҟра ахгарагьы зиқәшәа, абри аҩыза ахара ахахьы агара ҟамлакәа, ауаатәыҩса изацәцараны иҟаӡамызт азоуп агәнаҳа аицакратә мчыра, насгьы изалшаӡомызт Иԥшьоуи дареи реизыҟазаашьа аиҭашьақәыргыларагьы. Ауаа еиҭа рыԥсҭазаара доуҳала имҩасларц азы, Қьырса Ихахьы игеит Анцәа изымӡырыҩрра иахҟьаны ауаа ирыдыз ахара, дара рхарақәа рзы дгәаҟит, Анцәа Иԥа ибзиабара, игәаҟра, иԥсра агәнаҳа иацу амамыршәагаразы шаҳаҭра руеит, насгьы агәнаҳа амчра ахацәгаразы, еиҳа доуҳа змоу ԥсҭазаарала анхаразы Қьырса инапаҵаҟа иаҭахуп гәы раҳаҭла аҟалара.Kиa 31.1

    Зны-зынла агәнаҳахыхра зҭахым ауаа, сқьырсиануп зҳәо ауаа рнацәақәа нарықәкуа ирҳәалоит: «Сара дара акала среицәаӡам. Дара сара сеиҳа агәаӷьра, аидхәыцлашьа, аҳалалра рылоуп ауп. Даргьы, иара сара сеиԥш, рцәаныррақәеи, ргәахәтәынагӡарақәеи рыҽрырҭоит». Абас ала ауаа рыгхақәа рхы иадырхәоит рхатәы грақәа рырқьиаразы (рыҵгәаразы). Аха џьоукы рыгхақәеи, рыгәнаҳақәеи ҳара ҳуалԥшьа ҳхызхуа ракәны изалшаӡом рыҟалара, избан акәзар Ҳазшаз (Иҳақәиҭу) дҳаиҭеит ҿырԥштәы ҳасабла ԥсра зқәу, аха гха змыхьуа, акала иҟьашьым Иара Анцәа Иԥа хаҭа. Ишахәҭоу рхы мҩаԥыргом ҳәа ақьырсианцәа рзы иашшуа ируалуп, рхатәы ԥсҭазаара еиӷьу ҿырԥшыганы аарԥшра алыршара. Дара ус даара ибзианы еилыркаауа ианыҟаз ақьырсиан дзеиԥшрахарц ихәҭоу, усҟан ирыду рхара акырӡа инарҵауланы иахәаԥшлар ахәҭаӡами? Ииашаны ахымҩaԥгашьа шырдыруагьы, уи мап ацәыркуеит.Kиa 31.2

    Аргәагәара шәарҭоуп. Ахатәы гәнаҳарақәа иаартны рҳәара ахышәамгалан! Зықьҩыла, ауаа, наӡаӡа рыԥсра ааго ари аҩыза агхақәа ҟарҵоит. Агәы зрыцқьо ахәшә шәыԥшаала Қьырсеи шәареи шәеимадараҿы! Араҟа иумҳәар ҟамло иҟаӡам аԥсҭазара акьаҿреи, аҩнуҵаҟа иҟоу азеилымкаарақәеи ртәы. Аха ашәара иҟоу зегьы ишахәҭоу еилкааны ирымам азы ҿымҭкәа авсра ҟалаӡом. Иара ахьыҟоу, ауаа имыргәагәакәа, Анцәа Идоуҳа ааԥхьара иҟанаҵаз инақәыршәаны, агәнаҳаҟаҵара мап ацәкразы агәаҳәара ахьаадмырԥшуа ауп. Егьа имаҷӡоушәа убозаргьы, агәнаҳаҟаҵара иаԥырхагамхаз ауаҩы, наунагӡатәи иԥсра ирааигәар ҟалоит. Ҳара зиааира ҳалымшаз, аҵыхәтәаны даҳиааиуеит, ҳара ҳҭаирхоит.Kиa 32.1

    Адамгьы Евагьы рхы агәра адыргон зыфара ҟамлоз ашәыр анацҳара иашамра рацәак изнымԥшуа хымҩаԥгашьоуп ҳәа, насгьы иара ашьҭанеира залшаӡом Анцәа иҟаларц алшоит ҳәа ириҭоз ахлымӡаахраз агәеанҵара. Аха ари ахымҩaԥгашьа еицак, ԥсахра зқәым Анцәа Иԥҟара ԥшьа еиланагеит. Уи ауаҩи анцәеи еиҟәнашеит, аԥсреи адунеи иажәлаз ҳәашьа змам агәырҩеи ргәашәқәа аанартит. Шәышықәса цыԥхьаӡа адгьыл аҟнытә иааҟәымҵӡакәа агәаҟәцәа ргәынқьбжьы халоит. Аҵамҳәҳәарақәа зегьы ауаатәыҩса рҳәатәхамҵара иахылҿиааз, рҟәаҟәа иқәҵаны, игәынқьуа, иҟаауан. Иара ажәҩан аҿгьы, Анцәа иҿагылара ашьаҭақәа нханы иҟoyп. Гoлгофатәи аџьар Анцәа изакәан еилазгоз рҿыxpaзы зыда ԥсыхәа ҟамлоз ахарахақәҵара џьашьахәазы ибаҟаны игылоуп.Kиa 32.2

    Анцәа Иԥҟара иарбан еилагаразаалакгьы иаиуа. Қьырса илԥха ақьышә ақәҵара ҳара зегьы иаҳныруеит, ҳагәқәа арымчуеит, ҳалшарақәа дырԥсыҽуеит, ҳгәынкылара арҭшәоит. Араҳаҭра ахь ахырхара ҳацәыхҟьо ҳалагеит, Аԥсы Цқьа, Анцәа, иааԥхьара ҟәымшәышә азыӡырҩразгьы ҳалшара маҷхоит.Kиa 33.1

    Зыламыс ҿыхаз аӡәырҩы рхы рыжьжьоит ҳгәы ианаҭаххалакь ҳазну ацәгьамҩа ҳаныҵырц ҳалшоит ҳәа зныԥшуа ахәыцрақәа рыла. Дара ргәы иаанагоит, Анцәа иааԥхьарақәа ирхамҵгыларгьы, урҭ дара рлымҳа еснагь аҭыҩлоит ҳәа. Дара хәыцуеит, Аԥсы Цқьа игәамԥхо рыԥсҭазаараҿы иҟаҵо, аҩсҭаа иганахь ииасны ишыҟоу акәымкәа, ашәарҭа ахықә аҿыҵәҟьа ианынықәгылалакь ирылшоит ҳәа изныз амҩа аԥсахра. Аха уи ус имариаӡам аҟаҵара. Агәнаҳаҟаҵара иалааӡоу иҟазшьа иара ацәа ахалоит, убри аҟнытә урҭ зегьы рыҟнытә Қьырса еиԥшхаразы агәаҳәара зызцәырҵуа зынӡа рхыԥхьаӡара маҷхоит.Kиa 33.2

    Ибзиам ҟазшьак, агәнаҳа ҟаҵаразы еснагь агәы иҭыхо гәаҳәара заҵәык, ишнеи-шнеиуа Евангелиа амчра зынӡа иарӡуа иалагоит. Иарбанзаалакь агәнаҳа амаҵура, Анцәа иҟнытә агәы мҩахнаҟьоит. Анцәа ихылҵшьҭроу аҵабырг ахамҵара зҽадыаҷабланы, зегьы изеиԥшны, деиқәыхьшәашәа зҽыҟазҵо ауаҩы аҵыхәтәаны илеиҵаз ааирыхуа далагоит. Абиблиа зегьы аҽы, зегьы раасҭа ихадароу агәеанҵарақәа ираԥхьагылоуп ацәгьа иаармариаӡаны азнеира аҽацәыхьчаразы Соломон иажәа ҟәышқәа абас зҳәо, агәнаҳаҟаҵаҩы «игәнаҳарақәа дыргәылаҿаҳәоуп” ҳәа. (Ажәабыжь. 5:22).Kиa 33.3

    Қьырса дазыхиоуп ҳагәнаҳақәа ҳхыхра, аха Иара мчыла ҳадицалаӡом уи аҟаҵара. Агәнаҳа ҳагәылаханы, ацәгьахь зынӡа ҳхы ҳархазар, Анцәа илԥха мап ацәкны, ҳxы уи иацәаҳгарцаз агәаҳәара ҳамамзар, нас Иара иҟаиҵарызеи уаҳа ҳара ҳзы? Ҳара ҳхала, ҳҿадцаланы, Иара ибзиабара мап ацәкрала ҳхы ҭаҳархоит. «Абар, иара аамҭа маншәала, абар иара аиқәырхара амш”. (2 Кор. 6:2). «Уажәы, Иара ибжьы аншәаҳауа, шәыгәқәа ирцәышәмырӡын арыцҳашьара!» (Евр. 3:7,8).Kиa 33.4

    «Ауаҩы ахаҿы дахәаԥшуеит, Ҳазшаз агәаҭа дҭаԥшуеит”. (1 Цар. 16:7). - зҽеиҭазкуа, зхатәы ҟазшьа змоу, агәырӷьареи, алахьеиқәреи зцу, еиуеиԥшым, еиҿагылоу ацәаныррақәа зныԥшуа, зыҩнуҵаҟа амци, аҟьашьра рацәеи зныԥшуа агәы! Анцәа изы иаартуп ҳара ҳгәаҳәарақәа, ҳхықәкқәа, ҳцәаныррақәа. Иара имҩа шәықәла, егьа шәгәы ԥхасҭазаргьы! Аԥсалмаҳәаҩы иеиԥш, Зегьы збо иҿаԥхьа иааҳартып ҳгәаҵанӡа иҭаҵәаху зегьы абри ҳәо: «Сԥышәа Сара, Анцәа, иба сгәы зеиԥшроу; сԥышәа Сара, иба сара Схәыцрақәа, иазгәаҭа, сықәӡами сара амҩа шәарҭа, сықәҵа нас наӡаӡамҩа”. (Аԥс. 138:23,24).Kиa 34.1

    Аӡәырҩы рыхшыҩаҿы иҟоу адинхаҵаратә дырра рыздырҳауеит, иара убас «адәахьы ирныԥшуа ацқьара, рыгәқәа уи аамҭазы ҽрыцқьарада, ишыҟац иаанханы иҟоу. Шәныҳәала. Агәы цқьа сызҭаҵа, Анцәа, адоуҳа цқьала ирҿыц сара сгәы». (Аԥс. 50:12). Шәхаҭақәа дасу шәҿаԥхьа шәыҟаз шәҽаартуа! Шәҽадцаланы, шәхы адкыланы, шәхықәказы шәыӷәӷәаз, гәықәԥҵәарада, аха убасҟангьы шәыԥсҭазаара ашәарҭара ду ианҭагылоу, шәхы мҩаԥыжәгарц шалшо еиԥш шәусқәа зегьы ҟашәҵала! Абри азҵаара Анцәеи шәара шәхаҭақәеи шәыгәқәеи рыбжьара иҟалароуп аӡбара - анаунагӡаразы иҟазароуп аӡбара. Шәара шәызхьынҳаларц шәызҿыц агәыӷра ҭацәы, иҟалар алшоит шәара шәҭазырхо акәны.Kиa 34.2

    Анцәа Иажәа шәақәныҳәо ишәҵала! Уи Ажәа Aнцәa Иԥҟареи Иаса Қьырса ицсҭазаареи рыҟны ишәзаанартуеит «Ҳазшаз ибара алзыршо аԥшьара апринцип дуӡӡақәа». (Евр. 12:14). Уи ҳара агәнаҳара азхаҳҵаратәы ҳҟанаҵоит, ахеиқәырхара амҩа иaҳнарбоит еилыкка. Уи еснагь, ҳгәаҵа иазынархоу Анцәа ибжьы еиԥш, иаҭахуп азҿлымҳара.Kиa 35.1

    Агәнаҳаи амамыршәагареи, ҳгәаҭа атагылазаашьа иаша цқьеи баны, агәыԥжәара иҟаҳамҵап аҽаҭара. Қьырса дзааз агәнаҳаҟаҵаҩцәа реиқәырхаразоуп. Анцәа ҳара ҳахь ихьарԥшра ашьҭалара аҭахӡам, избан акәзар - О, абзиабара хазына! - Анцәа «Қьырса ила адунеи ихы анираалеит”. (2 Кор. 5:19). Ибзиабара ҟәымшәышә ала, Иара иҟьалаз ихәыҷқәа рыгәқәа, Иара иахь илшоит архара. Адгьыл aҿы иҟоу анацәеи абацәеи аӡәгьы ирылшаӡом рхәыҷқәа рыгхақәа, имццакӡакәа, Анцәа Адгьыл хәыҷқәа рахь иааирԥшуа ачҳара иаҩоызоу акрычҳара аарԥшуа, имццакӡакәа рызнеира. Иара иаҟара аӡәгьы илшаӡом акыр џьадбаланы, бзиабара дула, иҟьалаз ауаҩы иааԥхьара. Иара Иҿаҭахьақәа зегьы, иҟаиҵо агәҽанҵарақәа еиҟәшара зқәым Иара ибзиабара ду аазырԥшуа ракәны ауп ишыҟоу.Kиa 35.2

    Аҩсҭаа - шәара агәнаҳаҟаҵаҩцәа шшәакәу агәрашәхарҵара данаҿу, Шәара Шәеиқәырхаҩы илакҭа шәҭаԥшуа ишәҳәала Иара дзыԥсоу атәы. Шәара хымԥадакәны, ишәыхәарц зылшо Иара ихылҵуа алашара ауп. Иҟашәҵаз агәнаҳа азхашәҵа, аха аџьныш абас иашәҳәа: «Қьырса Иаса дааит адунеиахь, агәнаҳа иаҵоу реиқәырхаразы” ҳәа. (1 Тим. 1:15), насгьы шәара, зегьы ираԥызго Иара ибзиабарала, иҟаларц шалшо шәеиқәырхара. Ҽнак зны Иаса Симон изеиҭеиҳәеит ҩыџьа ауалҳәаҩцәа рзы жәабыжьк. Аӡәы уал маҷк иқәын иаҳ иҿы, даҽаӡәы - аԥара рацәа. Аԥшәма урҭ рҩыџьагьы руал ранаижьит. Нас Қьырса Симон диазҵааит: «Арҭ ауалҳәаҩцәа рҩыџьегьы рыҟнытә руа дарбану зыԥшәма еиҳа бзиа ибара иалаго?” ҳәа. Симон: «Ауал рацәа занаижьыз” - иҳәеит аҭакс. (Лк. 7:43).Kиa 35.3

    Ҳара гәнаҳа ҟаҵаҩ дуӡӡақәан, аха Қьырса ҳҭамҵаразы дыԥсит. Иара иҟаиҵаз ахақәҵа адуӡӡара азин инаҭоит Аб ҳаиқәырхарц азы аҳәара аҟаҵара. Иара еиҳа занаижьыз, еиҳа Иара бзиа дырбо дҟалоит. Егьырҭ раасҭа, дара Иара итәарҭа иазааигәаны ирылшоит агылара, ибзиабара дуи, ихақәҵара дуи рзы Иара ихьӡырӡы рҳәалоит. Шаҟа ихаҭәааны еилаҳкаауа ҳалаго аҟара Анцәа ибзиабара, еиҳа еиӷьны иаабо ҳалагоит агәнаҳа шаҟа ихҳԥырхагоу. Ҳара иаабо ҳаналагалакь шаҟа иҵаулоу Анцәа ҳара ҳахь иааирԥшуа арыцҳашьара, еилаҳкаауа ҳаналагалакь ҳара ҳзы Қьырса иҟаиҵаз ахмеигӡара ишамам ҳәаа, ҳагәқәа зынӡа акала иҟалоит. Дара изымҽхазкыз абзиабара агәылаӡҭра иалагоит, рыгәнаҳақәагьы азхарҵоит, иагьыраҳаҭхоит.Kиa 36.1

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents